Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Медведев ЕАА Украина ацхрааразы: рԥараԥҟага аангылоит

ЕАА Аконгресс ишьақәнарӷәӷәеит Украина ацхрааразы 40 миллиард доллар аԥаразоужьра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Москва аекономикатә нырра аҭаразы ЕАА аурысцәымӷра змоу амчрақәа рхы иадырхәо аԥараԥҟага ԥҽыр алшоит, Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда ахықәкқәа ракәзар, инагӡахоит ҳәа азгәеиҭоит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев.

"Ҳәаа змам аҳәынҭқарратә уал еиҳа-еиҳа иацызҵо Америка аԥараԥҟага иазымычҳакәа иԥҽуеит. Уи адагьы, абылтәи афатәаалыҵи рыхә ашьҭыҵразы америкаа ҭабуп ҳәа рарҳәароуп аурысцәымӷра злыжжуа рнапхгара. Убри аан ҳара ҳоперациа ҷыда ахықәкқәа шынагӡахо агәра ганы ҳаҟоуп", – иҩуеит Медведев Telegram аҿы.

Иара иажәақәа рыла, абри аҟара ирҭбаау ахышәаҵышәала Украина ЕАА зацхраауа Урыстәыла аганахьала апрокси-еибашьра амҩаԥгаразоуп, Урыстәыла адунеи аҿы иамоу аекономикатә нырра арԥсыҽразоуп. Убри аан Медведев иазгәеиҭеит арҭ аԥарақәа реихшара иазыԥшу шырацәаҩу.