Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра ҭахахьеит ДЖәР аҿы аҭагылазаашьа бааԥсхеижьҭеи

УАМ есыҽны еиԥҟьарада Донецктәи Жәлар р-Республика аиланхарҭа ҭыԥқәа ирылахысуеит, ззин ыҟам абџьархкы "Точка-У" алагьы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра ҭахахьеит 84 мшы рыҩнуҵҟа, ДЖәР аҿы аҭагылазаашьа бааԥсхеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит ареспублика СЦКК ахаҭарнакра Telegram-канал аҿы.
"84 мшы рыҩнуҵҟа иҭахахьеит 110-ҩык аҭынч уааԥсыра, ԥшьҩык ахәыҷқәа назлоу. Еиуеиԥшым ахәрақәа роухьеит 499-ҩык аҭынч уааԥсыра (урҭ рҟынтәи 41-ҩык ахәыҷқәа)", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Жәабран 17 раахыс Донецктәи Жәлар Рреспублика 2658-нтә ишалахысыз ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рҟынтәи 2399-нтә абџьархьанҭала. Лаҵара 11 рызтәи адыррақәа рыла, аӷа 26 326 хы ҭирҟьахьеит. Арахь иаҵанакуеит 27 ракета "Точка-У", 5 ракетак "Смерч", 25 ракета "Ураган", 3771 ракета "Град".
Аихсрақәа ирхырҟьаны ааха рыҭоуп 3307 ҩны, аграждантә инфраструктура аобиектқәа 701 ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.