Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахык ала УАМ ари арратә техникеи ргыларҭақәа 407 ааха рыҭоуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Урыстәылатәи артиллериеи аракетатә ари уахык ала УАМ ари арратә техникеи ргыларҭқәа 407 ааха рырҭеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит УА АА аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков ашьыжьтәи абрифинг аҿы.
"Урыстәылатәи артиллериеи аракетатә ари уахык ала УАМ ари арратә техникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 407 ааха рырҭеит, иҭархоуп анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 13, азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ" ԥшьба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 14. Иҭархоуп 280-ҩык амилаҭеилыхцәа, 59 ак арратә техника", – иҳәеит Конашенков.
Урыстәыла авиациа уахык ала 93 обиект ааха рнаҭеит – анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩбеи ари атехникеи ргыларҭеи 69, иара убасгьы УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Аҳауаҿагыларатә хархәагақәа уахык ала иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба – Харьковтәи аобласт аҿы 4, Рубежное араион аҿы 3, Змеиныи иахьаҵанакуа 1. Иара убасгьы иҭархоуп "Байрактар-ТБ2" Николаевтәи аобласт аҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра ҭахахьеит ДЖәР аҿы аҭагылазаашьа бааԥсхеижьҭеи