Аԥсны

Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Аԥсны жәлар рпоет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алоуриат, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, аҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах", апоема "Ахрашәа" уҳәа арҿиамҭа рацәа равтор Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 105-шықәса ҵит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵарамза 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит иахьа, лаҵара 12 азы.
Абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарцеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны аиҳабыра, ашәҟәыҩҩцәа, атәыла аинтеллигенциа, ауаажәларра, апоет игәакьацәа, аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа.
Анаҩс, абаҟа аԥхьа аԥсуа поетцәеи ашколхәыҷқәқәеи Баграт Шьынқәба иналукааша иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
1 / 4

Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

2 / 4

Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

3 / 4

Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

4 / 4

Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳзоу иазгәеиҭеит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы ииарамш иазку ауснагӡатәқәа есышықәса ишымҩаԥысуа.
Баграт Шьынқәба арҿиаратә усуреи аполитикатә усуреи еилеигӡон. Аус иухьан аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы. Абҳазоу иазгәеиҭеит Шьынқәба ирҿиамҭа хкырацәала ишеилоу. Иҩуан ажәеинраалақәа, апрозатә усумҭақәа, иҩымҭақәа еиҭагоуп абызшәақәа жәпакы рахь.
Баграт Шьынқәба: аԥсуа поезиа ашаеҵәа
Апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Ҟабарда-Балкариеи Адыга тәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.