Баграт Шьынқәба: аԥсуа поезиа ашаеҵәа

© Foto / из архива музея им. Баграта ШинкубаБаграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан
Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 12 1917 шықәса рзы диит Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба. Ашәҟәыҩҩы инарҭбааны деицырдыруа дҟарҵеит ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса".

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Амилаҭ литератураҿы Баграт Шьынқәба ирҿиара иааннакыло аҭыԥ далацәажәоит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа. Мушьни Лашәриа иажәақәа рыла XX ашәышықәса аԥсуа поезиа ианаҭеит зеӷьҭаӡам апоетцәа, аха урҭ ирылукаауа еҵәоушәа ишеишеиуеит: Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба.

"Баграт Шьынқәба ирҿиара аҳәаақәа акыр иҭбаан, инапы злакыз рацәан. Дзыхьӡазгьы акыр ишьардоуп", — иҳәоит Лашәриа.

Мушьни Лашәриа агәра игоит Баграт Шьынқәба аԥсуа поезиа европатәи аклассикатә жәеинрааларҿиара аҩаӡара аҟынӡа ихеигалеит ҳәа.

"Аԥсабаратә ҟыбаҩ ҷыда злаз арԥыс қәыԥш идырит ажәа аҵак ду, иԥсҭазаарагьы уи иазикит. Машәырны иҟамлазар ҟалап Кавказ иреиӷьу апоетцәа рхаҭарнак ҳәа 1970 шықәса рзы Венгриа имҩаԥысуаз Европатәи апоетцәа рфорум дзалахәхаз", ҳәа еиҭеиҳәоит Лашәриа.

Баграт Шьынқәба раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа инадыркны ишәхьоу поетны ихы ааирԥшит.

"Акыр дышқәыԥшыз иара иаԥиҵоит абасеиԥш иҟоу ашедеврқәа: "Амҳаџьыр ашәа", "Шьардаамҭа", ҳәа дцәажәоит апоет.

Ажәеинраалақәа реиԥш аԥсуа поезиа ахьтәы фонд иалалеит Шьынқәба еиҭеигаз Пушкин, Русҭавели, Бараҭашвили, Гете, Геине, Баирон, Мицкевич, Шандор Петефи уҳәа рырҿиамҭақәа.

Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
Ҳаири Қәҭарба: "Ацынцәарах" аиҭагараан ԥыҭк сҵәыуеит, сагьгәамҵит

Автор иепикатә романқәа ракәзаргьы аԥсуа литература иаҵәатәы шьаҟаны иазыҟалеит.

Ашәҟәыҩҩы инарҭбааны деицырдыруа дҟарҵеит ироманқәа "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса". "Ацынҵәарах" еиҭагоуп адунеи алитературатә бызшәақәа жәпакы рахь.

Ахәшьара уадаҩуп Баграт Шьынқәба аԥсуа фольклор, аԥсуа ҭҵаарадырра, амилаҭтә театр реиқәырхаразы илшарагьы.

"Баграт Уасил-иԥа 50 шықәса инарзынаԥшуа ауаажәларратә усура инапы алакын. 1940-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иара аполитикатәи ауаажәларратәи усурахь днеиит. 1947 шықәса рзы Баграт Шьынқәбеи иҩызцәа Константин Шьаҟрыли Гьаргь Ӡиӡариеи атәыла апартиатә напхгарахь аԥсуаа рышәҟәы нарышьҭит", — иҳәоит иара.

1958-1978 шықәсқәа рзы Баграт Шьынқәба илшоз зегь ҟаиҵон Аԥсны алитературеи аҟазареи рырҿиаразы.

Мушьни Лашәриа иажәақәа рыла Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа аԥсуа ҩнқәа зегьы рҟны аԥшәымара руеит, иахьыҟам ыҟам шамахамзар.

Баграт Шьынқәба иналукааша аԥсуа поет, апрозаик, алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0