Bloomberg амааҭ адунеи аҿы иреиӷьу валиутоуп ҳәа ахнаҳәааит

Арӷәӷәаратә курс ала урыстәылатәи авалиута бразилиатәи реал иаԥнагеит, авалиута ахәԥса ашьҭыҵра урыстәылатәи амчрақәа ирполитикоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Афинанстә информациатә маҵзура Bloomberg амааҭ адунеи аҿы иреиӷьу валиутоуп ҳәа ахнаҳәааит америкатәи адоллар ахь аԥыжәара аиурала ҳәа аанацҳауеит "Прайм".
2022 шықәса ажьырныҳәамза ахыс амааҭ ахәԥса 11% ихаланы бразилиатәи реал (9%) иаԥнагеит.
Амааҭ аԥыжәаратә позициа аиура алшеит урыстәылатәи анапхгара акапитал ахылаԥшразы ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рыла.
Ус шакәугьы аекспертцәа абиржаҿ ахәԥса иҟаҵәҟьоу ахәԥсеи аивыгара рымазар алшоит ҳәа иршьоит.
ЕАЕС аҩнуҵҟа ахәаахәҭраҿ амааҭ ҩба-ахԥатәи ахәҭа шьақәнаргылеит
Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь адоллар ахә иаалырҟьаны ихалеит, аха атәыла амчрақәа иалдыршеит амилаҭтә валиута арӷәӷәара. Лаҵарамзазы адоллар 67 мааҭ иаԥсахеит.