ЕАЕС аҩнуҵҟа ахәаахәҭраҿ амааҭ ҩба-ахԥатәи ахәҭа шьақәнаргылеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонета номиналом один рубль.
Монета номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
ЕАЕС атәылақәа реилахәаахәҭраан амилаҭтә валиутақәа рхы ишадырхәо атәы далацәажәеит Евразиатәи аекономикатә комиссиа аинтеграциеи амакроекономикеи рминистр Сергеи Глазьев.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Евразиатәи аекономикатә Еидгыла атәылақәа рҿы амааҭ ҩба-ахԥатәи ахәҭа иахысит, иалшоит иҵегьы иазҳар ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Евразиатәи аекономикатә комиссиа аинтеграциеи амакроекономикеи рминистр Сергеи Глазьев.
Сергеи Глазьев иажәақәа рыла, 2013 инаркны 2020 шықәсанӡа ЕАЕС аҿы амилаҭтә валиутақәа рыла аԥарашәара 63% аҟынтәи 74% рҟынӡа ихалеит. Урыстәыла амааҭ ахы ианархәоит 82% амилаҭтә валиута Белоруссиа ианалахәаахәҭуа, 63% - Ҟазахсҭан ианалахәаахәҭуа, 58% - Киргизиа ианалахәаахәҭуа.

"ЕАЕС аҩнуҵҟа аилахәаахәҭраан амааҭ аҭыԥ ҳаракуп, аха уи иҵегь ашьҭыхра алшоит Кыргызсҭан алахәаахәҭраан. Ари атәылаҿ ахәаахәҭреикәыршара 40% долларла имҩаԥыргоит. Ҟазахсҭани Беларусиеи рҟынгьы адоллар аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит ", - иҳәеит аминистр.

Глазьев иара убри аан иазгәеиҭеит Урыстәыла анҭыҵ ЕАЕС аилахәаахәҭрақәа рҿы амааҭ ахархәара маҷуп Белоруссиа ада ҳәа.
ЕАЕС атәылақәа ахәшәарақәа раан ԥхьаҟагьы амилаҭтә валиутақәа рхархәара иацырҵар алшоит ахәаахәҭра-економикатә усеицура иазырҳани доллардатәи акурс амҩаԥгаралеи ҳәа иҳәеит аминистр.
Контейнерные перевозки грузов в порту Владивостока - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Аԥсны
Урыстәыла иалырго 200 хкы атауар ЕАХ-и, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь анашьҭразы азин ыҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0