Аԥсны

Гагра ахәаахәҭратә павильонқәа рықәгара нап адыркит

Ақалақь ахаҿра змырԥшӡо ахәаахәҭратә обиектқәа рықәгараз Гагра араион ахадара аӡбра аднакылеит ииасыз ашықәс азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра араион ахадара напаларкит анормақәа ирықәымшәо ахәаахәҭратә обиектқәа рықәгара ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ақалақь архитектор хада Диана Лобода.
Акиоскқәа рықәгаразы аӡбра рыдкылан ииасыз ашықәс азы. Аха усҟан анаплакыҩцәа аҳәара ҟарҵеит аҽа шықәсык аус рурц азин роурц.
Ҩымчыбжь раԥхьа апавильонқәа зхатәу ҩыратә формала адырра рыҭан аобиектқәа шықәгатәу азы, ирыдгалан рхала иқәыргарц. Аха архитектор лажәақәа рыла уи иақәшаҳаҭхаз маҷуп.
Аобиектқәа рықәгара иалагеит уажә зырԥшӡара иаҿу Абазгаа рымҩаҿы. Лобода ишылҳәаз ала ахәаахәҭратә обиектқәа уаҳа идырхынҳәуам.

"Акиоскқәа зынӡа иқәыргоит, избанзар дара ақалақь иахьатәи ахаҿра ианаалом. Хара имгакәа ари амҩаҿы ахаҳәҟьаԥс ықәырҵоит, алашара рыԥсахуеит, акаҭрангьы ықәҵахоит. Апавильонқәа ашьаҟамҩа иаԥырхагоуп. Иарбанызаалак нормак иақәшәом. Ҳара ақалақь аҽа хаҿрак амазарц ҳҭахуп. Ауааԥсыра реиҳараҩык ҳус иадгылоит", - лҳәеит архитектор.

Апавильонқәа ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа иқәыргалоит.
Архитектор хада лажәақәа рыла, ахәаахәҭра маҷ азы аобиектқәа рыпроект азырхиоуп, аха макьаназы аҭыԥқәа алхым.
Аԥсны
Гагра аԥхынтәи аԥсшьараз еиҳа ибиуџьеттәу ахырхарҭақәа иреиуоуп