Аԥсны

Приднестровие иҟоу Аԥсны ахаҭарнак "Алшамҭақәа рзы" аорден ианашьоуп

Ватаман аорден иҭараз аусԥҟа инапы аҵеиҩит Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельски.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Приднестровие Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман "Алшамҭақәа рзы" аорден II аҩаӡара ианашьоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа аминистрра амедиацентр.

Ватаман ари аҳамҭа ианашьан "Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровие Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызара арҿиареи, арӷәӷәареи, аусеицуреи рҟны илагалази ипрофессионалтә лшарази, 55 шықәса ихыҵра амш ази".

Приднестровие Молдавиатәи Ареспубликаҿ "Алшамҭақәа рзы" аорден ранаршьоит аҳәынҭқарратә ҿиара, аџьаҿы аихьӡарақәа, аҭынчреи аиҩызареи рырӷәӷәара, ажәларқәа русеицура, Аџьынџьтәыла ахьчара русхкқәа рҿы рлагаламҭақәа рзы.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Абу-Иусуф Банов "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит
Аорден аҩаӡарақәа ҩба амоуп, 2007 шықәсазы "Алшамҭақәа рзы" аорден I аҩаӡара ианашьан Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. 2006 шықәсазы "Алшамҭақәа рзы" аорден II аҩаӡара ианашьан Рауль Ҳаџьымба, анаҩс 2015 шықәсазы "Алшамҭақәа рзы" аорден I аҩаӡара ианашьан.