Аԥсны

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху авикторина иалахәын

Аԥсны раԥхьатәи ахада, ажәлар раԥхьагылаҩ Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы 77 шықәса ихыҵуазаарын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Аҟәатәи 14-тәи 15-тәи абжьаратә школқәа рҵаҩцәа, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз абреин-ринг рхы аладырхәит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Авикторина мҩаԥысуан Аҟәа, Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Амузеи адиректор, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа лажәақәа рыла ауснагӡатә хықәкыс иаман "аҭоурых агәалашәара еиҵагыло абиԥарақәа рымадара".
"Ауснагӡатә аартраан, бреин-ринг алагамҭаз ахәыҷқәа даара иԥшӡаны иихцәажәеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. Ари акраҵанакуеит. Ҳара ҳзы ихадоу уаҵәтәи ҳԥеиԥш ауп. Ҳҭоурых шмыӡуа адырразы уи еиҵагыло аҿар ирымадатәуп", - ҳәа лҳәеит Беиаԥҳа.
Аинтеллектуалтә хәмарра иалахәын ҩ-школк рҵаҩцәа. Авикторина азҵаарақәа актәи ахада иԥсҭазаареи ирҿиартә мҩеи ирызкын.
Аихшьаалақәа рышьҭахь аҩ-командак иранашьан амедалқәа, ахраҿақәа, аҳаҭыршәҟәқәа, Владислав Арӡынба ишәҟәы "Сыԥсҭазаара: Агәалашәарақәа".
1 / 4

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху авикторина иалахәын

2 / 4

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху авикторина иалахәын

3 / 4

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху авикторина иалахәын

4 / 4

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху авикторина иалахәын

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, аполитикахь диасаанӡа иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.
1990 шықәсазы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи (1992–1993) уи ашьҭахьтәи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи иара ихьӡ иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп.
Ҳадгьыл еиԥш дыԥшьоуп: Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса ҵит
Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.
1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭарала ҩынтәны деиҭалырхуеит. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.