00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:21
24 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Итоги втсречи министров иностранных дел Сирии и Абхазии
14:46
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
18:16
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
18:19
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳадгьыл еиԥш дыԥшьоуп: Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса ҵит

Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Раԥхьатәи ахада, жәлар рԥыза, иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭкарра ашьаҭаркҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 76 шықәса.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан. Иара акыр шықәса инеиԥынкыланы Москва аус иуан Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2020
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Владислав Григори-иԥа Арӡынба аполитикахь диасаанӡа акыраамҭа инапы злакыз аус аҿы иман аихьӡара дуқәа. Иара аполитикаҿы дцәырҵит Аԥсны иаҳа иуадаҩыз аамҭазы. Жәлар рдепутат СССР Иреиҳаӡоу Асовет алахәылаҩны даныҟаз, автономтә еиҿкаарақәеи Асовет Еидгыла ажәлар маҷқәеи рзинқәа рыхьчара иазкыз аусӡбатәқәа рыдкылара дацхраауан Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара.

1988 шықәсазы Москва иус ааныжьны, иԥсадгьыли ижәлари реиқәырхаразы, иҩызцәа ражәа ҩбамтәкәа, Аԥсныҟа дхынҳәит Владислав Арӡынба. Уи ашықәсан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа - Аԥсуаҭҵааратә институт) аиҳабыс даиуеит.

1989 шықәса рзы Владислав Арӡынба Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Жәлар рдепутатс, автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә статус азы акомиссиа далан. Ԥхынҷкәынмза 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Убри инаркны аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчараҿы иус иҵегьы еихеиҳауеит. Иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2020
Ажәа иҭара иацәшәон: Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хадас дыҟан.

Ашьа анахьыкьасуаз, ҳаԥсадгьыл амца анақәҵәашоз, ахьтәы даҷқәа дырныргылан Анцәа ду даҳзылбааишьҭит Владислав. Аибашьцәа драԥхьагылан, ажәа ҟәышла, ажәа хаала ргәы ирӷәӷәон, анацәа ргәыӷрақәа идырҳәалон, ибла ихырбаалон Аиааира, игәра ргон, Анцәа иеиԥш имҵаныҳәон. Фырхаҵак иҭахара иара изыҳәан ихьаа дуун, ҵәымӷҵас игәы иналалон, ахаан ӷьара зқәым гәырҩаны изаанхон.

Владислав инапхгарала ҳаԥсуа жәлар ирылшеит ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа аԥсуа дгьыл рықәцара, аибашьра Аԥсны жәлар риааирала ахыркәшара.

Ҳаԥсадгьыл амца еибафара иалигеит, иаҳгеит Аиааира: "Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәԥон, иагьаиааит", - ҳәа иҳәон иара иԥсы ҭанаҵы.

Владислав Григорьевич Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2020
Избанзар ажәлар игәра ргон: Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дшалырхыз

Анацәа, зыҷкәынцәа зыцәҭахазгьы, ргәы еизнарҳаит Аиааира, мраны ирықәыҷҷеит уи зыла иамбаз афырхацәа.

Ицәгьан аибашьра ашьҭахь ҿыц анхара, аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара. Зыжәлар ргәыӷрақәа зыршаҳаҭыз Владислав, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас далырхуеит абҵара 26, 1994 шықәсазы. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит. 

Владислав Арӡынба даара илагала дууп Аԥсны аибашьра ашьҭахь аекономика ашьҭыхраҿы, акультуреи анаукеи реиҭашьақәыргылараҿы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаақәа рырӷәӷәараҿы. Зегьы илиршеит, игәабзиара дамеиҷаҳаит. Иара иаԥшьгарала имҩаԥысуан ихьыԥшым Аԥсны Аконституциа ҿыц ашьақәыргылара, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи, Аԥсны Арбџьар Мчқәеи, амчратә структурақәеи реиҿкаара.

Владислав Арӡынба ибзиаӡаны идыруан дызну амҩа, уи шыуадаҩыз, аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара усҟак ишымариамыз атәы. Аԥынгылақәа шырацәазгьы, зегьы акоуп иара илшеит ижәлар реидкылара, игәра ргартә еиԥш аусқәа рымҩаԥгара, рзинқәа рыхьчара, ҳажәҩан арлашара, ашәышықәсақәа рҵеи ҳгерби ҳбираҟи дырсимвалхеит, ҳгәашьамх, ҳ-Абраскьыл.

Иԥсадгьыл ахақәиҭра - уи иара иԥсҭазаара аҵакы акәын. Владислав имҩаԥигоз аполитика иабзоураны, шәышықәсала аҵарауаа иҭырҵааша афырхаҵаратә епос аԥиҵеит.

Встреча Владислава Ардзинба с Шеворнадзе - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2020
Ҳҵарауаа дуқәа Владислав Арӡынба изы: иара иакәымзар, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит

Владислав Арӡынба илшеит Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылара, уи Аԥсни иааидкыланы Кавкази рҭоурых ианхалоит еицакра ақәымкәа, зхақәиҭра иазықәԥо ажәларқәа зегьы ҿырԥштәыс изықәныҟәаша иакәны наӡаӡа даанхоит.

Ауаҩы дзиуа баша адәы дықәзарц акәӡам, дани, адгьыл данаднакыла, ижәлар рзы ихы дамеигӡароуп, иԥсы ахьынӡаҭоу абзиара ҟаиҵалароуп, адунеи аниԥсахлак, ишьҭахь иаанхо ажәа хаала дыргәаладыршәартә еиԥш. Владислав Григори-иԥа Арӡынба хьтәы бираҟны ҳҭоурых адаҟьақәа дырнылеит, ахаан даныҵрангьы дыҟаӡам. Уи ҳадгьыл еиԥш дыԥшьоуп!

Иагьа шәышықәсақәа ҵыргьы, Аԥыза ихьӡ кашәаӡом.

Иагьа шәышықәсақәа ҵыргьы, ихьӡ ижәлар ирыԥхом!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0