АҞӘА, лаҵара 13- Sputnik. Урыстәылатәи ар Полтаватәи аобласт, Кременчуг аҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауад еилаԥырыххааит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Ахара ихысуа абџьар ала Полтаватәи аобласт, Кременчуг аҩадатәи ахәҭаҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауади украинатәи ар ртехника ирзырхаз абылтәы зҭаз амкьаҭқәеи еилаԥырыххааит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррала аоператив-тактикатәии арратәии авиациа иҭадырхеит РСЗО "Градқәа" ҩба, арадиолокациатә станциа, 153 ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа.
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит анапхҭараҭаратә ҭыԥқәа 15, ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 520, артиллериатә ҟәшақәа фба, Харковтәи аобласт аҿы аракетатә бџьар аҵәахырҭа.
Аҳауахьчара амчрақәа икарыжьит украинатәи аҳаирплан Су-27, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 15, асистема"Смерч" ареактивтә хеиҵаҵақәа ҩба.
Урыстәыла арратә операциа ҷыда Украина имҩаԥнагоит атәыла абџьархыхраз, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчараз. Абри ахықәказы арратә техникеи аинфраструктуреи ҭадырхоит.