https://sputnik-abkhazia.info/20220513/urystylati-ar-poltavati-aoblast-ay-anefauseiadularat-zauad-eilayrykhkhaait-1039087754.html
Урыстәылатәи ар Полтаватәи аобласт аҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауад еилаԥырыххааит
Урыстәылатәи ар Полтаватәи аобласт аҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауад еилаԥырыххааит
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи ар Украина арратә операциа мҩаԥго ԥхьаҟа ажәылара иаҿуп. 13.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-13T13:24+0300
2022-05-13T13:24+0300
2022-05-13T20:19+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/0d/1039083249_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_d40960394a188d568151b74feed0dc2b.jpg
АҞӘА, лаҵара 13- Sputnik. Урыстәылатәи ар Полтаватәи аобласт, Кременчуг аҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауад еилаԥырыххааит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.Аусбарҭа адыррала аоператив-тактикатәии арратәии авиациа иҭадырхеит РСЗО "Градқәа" ҩба, арадиолокациатә станциа, 153 ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа.Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит анапхҭараҭаратә ҭыԥқәа 15, ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 520, артиллериатә ҟәшақәа фба, Харковтәи аобласт аҿы аракетатә бџьар аҵәахырҭа.Аҳауахьчара амчрақәа икарыжьит украинатәи аҳаирплан Су-27, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 15, асистема"Смерч" ареактивтә хеиҵаҵақәа ҩба.Урыстәыла арратә операциа ҷыда Украина имҩаԥнагоит атәыла абџьархыхраз, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчараз. Абри ахықәказы арратә техникеи аинфраструктуреи ҭадырхоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/0d/1039083249_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_19c8b1bdb1ca7738a29453c69803a96b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәылатәи ар Полтаватәи аобласт аҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауад еилаԥырыххааит
13:24 13.05.2022 (ирҿыцуп: 20:19 13.05.2022) Урыстәылатәи ар Украина арратә операциа мҩаԥго ԥхьаҟа ажәылара иаҿуп.
АҞӘА, лаҵара 13- Sputnik. Урыстәылатәи ар Полтаватәи аобласт, Кременчуг аҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауад еилаԥырыххааит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Ахара ихысуа абџьар ала Полтаватәи аобласт, Кременчуг аҩадатәи ахәҭаҿы анефҭаусеиҭадуларатә зауади украинатәи ар ртехника ирзырхаз абылтәы зҭаз амкьаҭқәеи еилаԥырыххааит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адыррала аоператив-тактикатәии арратәии авиациа иҭадырхеит РСЗО "Градқәа" ҩба, арадиолокациатә станциа, 153 ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа.
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит анапхҭараҭаратә ҭыԥқәа 15, ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥқәа 520, артиллериатә ҟәшақәа фба, Харковтәи аобласт аҿы аракетатә бџьар аҵәахырҭа.
Аҳауахьчара амчрақәа икарыжьит украинатәи аҳаирплан Су-27, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 15, асистема"Смерч" ареактивтә хеиҵаҵақәа ҩба.
Урыстәыла арратә операциа ҷыда Украина имҩаԥнагоит атәыла абџьархыхраз, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчараз. Абри ахықәказы арратә техникеи аинфраструктуреи ҭадырхоит.