Аԥсны

Владислав Арӡынба Иирамш иазку аконцерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Гәдоуҭа

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба иԥсы ҭазҭгьы лаҵара 14 рзы 77 шықәса ихыҵуазаарын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Владислав Арӡынба Иирамш иазку аконцерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Гәдоуҭа асабша лаҵара 14 рзы.
Гәдоуҭа иҟоу С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҿы ҽынла иаартын афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Владислав иацы, иахьа, уаҵәы". Аекспозициаҿы ицәырган Аԥсны раԥхьатәи ахада аус ахьиуаз астолгьы.

"Ари апроект ҳара есышықәса имҩаԥаагоит Владислав Арӡынба иԥсҭазаара даналҵ ашықәс инаркны. Иахьа 174 фотосахьа цәыргоуп. Ҳара иҵегьы ҳамоуп, аха урҭ Аиааира амш азы иҵәахны иҳамоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аиҳабы и.н. Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Владислав Арӡынба иирамш иазкыз аконцерт амузеи аҿаԥхьа иалагеит асааҭ 19:00 рзы. Уи иалахәын ахәыҷтәы ҟазаратә гәыԥқәа, иара убас аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.
1 / 2

Владислав Арӡынба Иирамш иазку аконцерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Гәдоуҭа

2 / 2

Владислав Арӡынба Иирамш иазку аконцерти ацәыргақәҵеи мҩаԥысит Гәдоуҭа

Аконцерт аҿы ашәаҳәаҩ Кристина Цыгәԥҳа иналыгӡеит Владислав Арӡынба бзиа иибоз ашәа "Ан лыбжьы" ("Зов матери"), уи ашәа ажәақәа дравторуп Гәыли Кьычба, Марттәи ажәылараан хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы Арзамеҭ Ҭарба иан. Ари ашәа ахатә ҭоурых амоуп. Аибашьра ашьҭахь, 1994 шықәса рзы Гәдоуҭа ари амузеи аартразы имҩаԥгаз аконцерт аан дықәгылон аашықәса зхыҵуаз Кристина Цыгәԥҳагьы. Аконцерт дахәаԥшуан Владислав Арӡынба. Аӡӷаб ашәаҳәара дшаҿыз, алашара дырцәеит, аха лара ашәаҳәара даҟәымҵит, лашәа аҵыхәтәанынӡа иналыгӡеит. Аашықәса зхыҵуаз ари ахәыҷы азыӡырыҩцәа зегьы рылаӷырӡ аалгеит, игәы лырԥшааит Арӡынбагьы. Иара асценахь дцәырҵны аӡӷаб лҿаԥхьа дшьамхнышлан лашәаҳәаразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит, иагьиҳәеит аԥсышәала илҳәазҭгьы еиҳагьы ишеиӷьыз...
Иахьатәи аконцерт аҿы иқәгылеит еицырдыруа агәыԥ "Аԥсны-67", дара инарыгӡеит ашәа "Сашьцәа". Владислав Арӡынба ари ашәазы иҳәон уи угыланы уазыӡырыҩлароуп ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба иԥсы ҭазҭгьы лаҵара 14 рзы 77 шықәса ихыҵуазаарын.
Аԥсны
"Ԥсадгьылда ҳаанзмыжьыз, амца шыра ҳалызгаз": Владислав изы ажәа