АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәы ашаразы лаҵарамза 2022 шықәсазтәи аихшанҵа шьақәнаргылеит.
1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит лаҵарара 17-18 рзы.
1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит лаҵара 18, 19, 20 рзы.
1948 - 1950 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит лаҵара 24, 25, 26 рзы.
1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит лаҵара 27, 30 рзы.
1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит лаҵара 31, рашәара 1 рзы, иара убас 1957 шықәса рзи уи анаҩс иизи атәанчахәы рыҭахоит рашәара 2 инаркны.
Нанҳәамза 2020 шықәса раахыс Аԥсны урыстәылатәи атәанчахәы зауа рԥаратә хсаалақәа рҟынтәи акәымкәан, Аҵәахырҭатә банки егьырҭ акоммерциатә банкқәеи рҟынтәи ирауеит.