Аԥсны

Аҟәа иаатит Аԥсны ААР аҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара

Ауаажәларратә хеилак аҿы ирылацәажәалоит еиуеиԥшым агәаанагарақәа иахьатәи адәныҟаполитикатә зҵаарақәа ирызкны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара аатит ААР амедиацентр аҿы лаҵара 16 азы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит, аилатәара шазку лаҵара 17 азы иазгәарҭо адәныҟаполитикатә усбарҭа аԥҵара Амш.

Уаанӡа Ауаажәларратә хеилак аԥҵара ахымԥадатәра иалацәажәо аминистрра иазгәанаҭеит Аԥсны жәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылареи, арӷәӷәареи, ахьчареи жәларбжьаратәи аренаҿы ахьӡ аҭыгареи рҿы иаӡәыкны ишыҟоу.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵоит, Аԥсны адәныҟаполитикатә усқәа ареспублика ажәларқәа ракзаара иахыҵхырҭаны иҟазар шакәу, абри аконтекст инақәыршәаны адәныҟа политика астратегиеи атактикеи рымҩаԥгараҿ ауаажәларратә еилацәажәарақәа аҵак ҷыда шрымоу.
Аԥсны
Аԥсны ААР жәларбжьаратәи аиҿкаара апрограммақәа руак аусура ннакылеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак 2012 шықәсазы аусура иалагеит, аха аамҭақәак рышьҭахь иаанкылан. Ахеилак аилазаара иалахәуп адәныҟа политикатә аекспертцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, ажурналистцәа.