Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР жәларбжьаратәи аиҿкаара апрограммақәа руак аусура ннакылеит

© Foto / МИД Абхазии На встрече в городе Гал обсудили вопросы реализации проектов международных организаций
На встрече в городе Гал обсудили вопросы реализации проектов международных организаций  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аҳәамҭала Аԥсни Қырҭтәылеи рҿар атренингқәеи асеминарқәеи риецымҩаԥгара амҩала акультурабжьаратә еицәажәарақәа рылагалараз аԥшьгамҭақәа аполитикатә ҟазшьа рымоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рхықәкқәа ируакуп.
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаара "Амлакра аҿагылараз" апрограммақәа руак аусура ннакыларц аӡбра аднакылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирҳәеит аусбарҭа иазынашьҭыз апроект азҵаабӷьыцаҿ иахәҭаз аинформациа нагӡаны ишарбамыз. Азҵаабӷьыц анашьҭра аԥҟаррақәа реилагара аминистрра иҟаҵәҟьоу армаӡара иазырханы иахәаԥшуеит.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2022
Аԥсны
Инал Арӡынба: Аԥсны асуверенитет Қырҭтәыла иазханаҵарц адҵа ҟанаҵоит
Апроект ахәҭак иаҵанакуан Аԥсни Қырҭтәылеи рҿар акультурабжьаратә еицәажәарақәа рылагалараз онлаинлеи офлаинлеи атренингқәа риецымҩаԥгара, иара убас асеминарқәа рымҩаԥгара Молдавиа, Австриа, Ермантәыла.
"Асеиԥш иҟоу акультурабжьаратә еицәажәарақәа рылагалараз аԥшьгамҭақәа аполитикатә ҟазшьа рымоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рхықәкқәа, Аԥсны аганахь ала ирымоу аофициалтә программақәа ируакуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ареспубликаҿ иҟоу Инапхгаратәым аиҿкаарақәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит апроектқәа рынагӡараан, агуманитартә знеишьақәа рҳәаа иҭымҵларц. Уаанӡа аусбарҭа адырра ҟанаҵахьан Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура ахылаԥшра шырӷәӷәахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0