Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе Аҟәа акурорттә аамҭа ишазыҟаҵоу

Аҟәа аԥхын акурортә аамҭа қәҿиарала имҩаԥысырц иаҳзаауа атуристцәа рԥыларазы иабанӡазыҟаҵоу, аҳҭнықалақь аҟны усқәас иалкаан иҟоу аԥсшьара аамҭа ашыкьымҭаз, еиҳа хшыҩзышьҭра зҭатәхо, нап зыркхо атәы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалакь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Sputnik
Аҳҭнықалақь ацқьара азҵаара далацәажәо, Сурманиӡе иазгәеиҭеит Аҟәа иаланхо рыцхыраара ада акоммуналтә маҵзурақәа рымч мацарала азҵаара аӡбара шымариам.
"Ақалақь ахала мацара акәымкәа, досу дахьынхо иҩны даадәылҵны, ахатәы ҩнқәа змоу роума, ихәаахәҭуа роума, рыкәша-мыкәша ацқьара иахыламԥшыр, иахьа иааны сгәашә аԥхьа ианырыԥссо ҳәа уԥшыр, усҟан агәам ҳхыҵәоит. Убри азы аицхыраара аҭахуп. Ҳара, хымԥада, ҳус уахгьы–ҽынгьы ацқьара алыршара иадҳәалоуп", - иҳәеит Сурманиӡе.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.