Аԥсны

Пицунда лаҵара 18 рзы лашарада иаанхоит

Алашара ҟалом аремонт-профилактикатә усурақәа ирхырҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Пицунда ауааԥсыра уаҵәы, лаҵара 18 рзы лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Алашара ҟалом асааҭ 10:00 - 16:00 рзы астанциа маҷ "Пицунда" аремонт-профилактикатә усурақәа рымҩаԥгареи авольтҳарак цәаҳәа ахьымҩасуа аҭыԥқәа ррыцқьареи инарыдҳәаланы.
Аилахәыра аҭамзаара шьҭанаҵоит иҟалаз ауадаҩрақәа рзы.