АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Абӷархықә ауааԥсыра аӡы рыҭаразы аӡымҩангага хада иаҿаркуеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
"Абӷархықә ақыҭан аусурақәа хыркәшахоит, ауааԥсыра аӡымҩангага хадақәа рҽаԥыршьуеит. Иаанхаз аусура маҷқәа рашәарамза актәи ахәҭазы ихыркәшахоит. Аԥхьанатә аӡымҩангага аа-километрак иҟалоит ҳәа иазԥхьагәаҭан, аха аӡы зыҩнқәа рахь амҩахгара зцәыхараз ақыҭауаа иҟарҵаз аҳәарала иарбаз ахыԥхьаӡарақәа ҳархысыр акәхеит", - иҳәеит иара.
Тәанба иҳәеит Абӷархықәи Ҟәланырхәеи ауааԥсыра аӡы шроуа Дәрыԥшьынтәи. Арҭ ақыҭақәеи Жәандәрыԥшьи рҿы иргылан 500-500 куб зкуа аӡеизакырҭақәа, аӡымҩангагақәагьы рышьҭаҵара хыркәшахоит.
Апроект нарыгӡоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программала. Уи иазԥхьагәанаҭоит Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Абӷархықә, Жәандәрыԥшь, Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак ӡыла реиқәыршәара.
Тәанба уаанӡа иҳәахьан Гәдоуҭа ахәҭахьы аӡымҩангага ашьҭаҵара 59 миллион мааҭ азоужьуп, Жәандәрыԥшь – 39 миллион мааҭ, Мгәыӡырхәа – 29 миллион мааҭ, Абӷархықә - 30 миллион мааҭ ҳәа.