Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан астанциа маҷ ҿыц дыргылоит

© Foto / Администрация села ПриморскоеСтроительство подстанции в селе Приморское
Строительство подстанции в селе Приморское - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахадара апресс-маҵзура адыррала 16 мегаватт иҟоу астанциа маҷ ықәнаргылараны иҟоуп АУН "Амшынеиқәафымцамч".
АҞӘА, ажьырныҳә а25 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан астанциа маҷ ҿыц аргылара иалагеит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Алиас Габуниа.
Габуниа иажәақәа рыла, 2022 шықәса рашәарамзазы зыргылара хыркәшахо астанциа маҷ амчра 16 мегаватт ишыҟоу.
© Foto / Администрация села ПриморскоеСтроительство подстанции в селе Приморское
Строительство подстанции в селе Приморское - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Строительство подстанции в селе Приморское
"Иахьазы ҳқыҭа алашара аиуеит Афон ҿыцтәи астанциа маҷ аҟынтәи, атуннель ихәыҵсуа ацәаҳәала. Афымцацәаҳәа алшарақәа асоветтә аамҭазы иҟаз аҭахрақәа ирықәшәон, аха иахьа ҳхы иаҳархәо афымцачхара акырӡа еиҳауп. Убри азы ҳара ҳҟынӡа иааӡо 80-90 Вольт роуп", - иҳәеит иара.
Габуниа иҳәеит, Приморское ақыҭа амшын иахаьԥну иабзоураны аԥсшьаҩцәа маҷымкәа иаҭаауеит ҳәа, аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа еизҳауеит, убри аан алашара ахархәарагьы иацлоит.
Поездка в село Приморское  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2020
Ҽаҩраҭагалара асакьаҳәымҭазы: Приморское ақыҭауаа шыхандеиуа
Алашара амаҷраз ауааԥсыра афымцатә хархәагақәа рзаҿакуам. Абри инадҳәаланы ақыҭа ахадара аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵеит ацхыраара рырҭарц, аԥарақәагьы азоужьхеит.
Алашара арцәара иахҟьаны Приморское ақыҭан анхацәа аӡы ахьынтәарауаз Аацытәи аӡыҭгага блит. Габуниа иҳәеит ҩымз раԥхьа иблыз аӡыҭгагақәа ҩба ремонт 190 000 мааҭ итәеит ҳәа.
Араион ахадара апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала ареспубликатә биуџьет аԥаразоужьрала Акапиталтә ргылараз аусбарҭа ақыҭа ӡыла еиқәзыршәо аӡыҭгага ықәнаргылеит.
c.Аацы - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2015
Аацытәи аиҩхааҭшәеи аӡхыҽҽеи
Приморское ақыҭан аӡы азы ауадаҩра ҟамларц азы 500 куб зкуа аӡеизакырҭа аҟаҵара рыгәҭакуп. Ахарџьнҵа еиқәыршәан, уи аус анадыруылоз ахәԥса 12 миллион мааҭ итәон, аха уажәазы ахәқәа ирыцлахьеит, ашәҟәқәа еиҭахәаԥштәхоит, иҳәеит Габуниа.
Ақыҭа ахада ииԥхьаӡоит, Приморское ақыҭа иагәу-иабзоу рыла еиқәыршәазар араҟа абизнес аҿиаразы алшара ыҟоуп ҳәа, уи инақәыршәаны атәыла абиуџьетгьы ахашәала аиуеит.
Габуниа игәаанагарала, иара убас ақыҭаҿы иԥсхатәуп аӡымҩангагақәа.
Аацытәи аӡыҭгагаҟынтә аӡы роуеит Алгреи Баклановкеи руааԥсыра –80 ҭӡы. Аацы ахада Игор Малиа иажәақәа рыла, аремонт ашьҭахь ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы уадаҩра дук ыҟам, аха аӷьыра маҷуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0