Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа аклимат азы Парижтәи аиқәшаҳаҭра алалара иазкны

Аклимат азы Парижтәи аиқәшаҳаҭра алалара ҳтәыла иазаанаратуа алшарақәеи, аклимат акәу еиҳа аполитикатә ҳәаақәа рырҭбаара акәу ари ахҭыс хықәкыс иамоу атәы арадиофеир аҿы дазааҭгылоит Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Sputnik
Аклимат азы Парижтәи аиқәшаҳаҭра алаларазы аҽазышәарақәа ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Инал Арӡынба иажәақәа рыла, аминистрра ари атемала аусура нап аланакхьеит.
Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа игәаанагарала, Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ааԥхьара аманы иҟалар, уи ахыԥша иацхраауеит.
"Ҳаргьы ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳнапы анаҳҵар аиқәшаҳаҭра, Аԥсны ахатәы политика мҩаԥнагоит, аҳауатә ҭагылазаашьа иазыҳаҵҳаҵоит, ари ишьақәгылахьоу ҳәынҭқарроуп рҳәар алшоит адуние аҿы. Ҳәарада, ари Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала аимиџь ашьҭыхра иазкуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.