Аԥсны

Гагра апрокуратура ачынуаҩ иганахьала иаарԥшыз амч ахархәаразы ашьаус хацнаркит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Гагра апрокуратура араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо ачынуаҩ Адамыр Цәышба иганахьала иаарԥшыз амч ахархәаразы ашьаус хацнаркит.
Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла актәи ахәҭаҷ ахәҭа 320 (игәабзиареи иԥсҭазаареи ԥырхага амҭақәа ачынауаҩ иганахьала амч ахархәара) ала ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа даанкылоуп Иури Сабуа.
Ашьаусԥшаара заанаҵтәи адыррақәа рыла, лаҵарамза 17 рзы Гагратәи аколоннада азааигәара ахәаахәҭратә павильонқәа рықәгараан уи иазыразымыз, ицәҳауаз Сабуа аҭыԥан аусқәа рынагӡара хылаԥшра азҭоз, араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо Цәышба ҭаҷкәымла диҿасит.
Ашьаусԥшаара агәаанагарала, Сабуа ихымҩаԥгашьа гәҭакрала иҟаиҵеит. Уажәазы иаанкылоу иҭакразы азҵаара аӡбара иаҿуп.
Аԥсны
Гагра ахәаахәҭратә павильонқәа рықәгара нап адыркит