Аԥсны

Ҳмилаҭ рҿахәы зҳәо: Гагра ақалақь аҭоурыхтә музеи иазкны

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан ааха зауз, анаҩс ҿыцымҭала ишьақәыргылаз Гагра ақалақь аҭоурыхтә музеи злабеиоу аекспонатқәеи насгьы иахьатәи аусушьеи ртәы далацәажәеит археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Руслан Барцыц.
Sputnik
Гагра ақалақь аҭоурыхтә музеи иахьатәи аԥсшьарҭатә комплекс "Абааҭа" аҵакыраҿы иҟоу ауахәама аҩнуҵҟа акәын иахьеиҿкааз. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан аӷацәа иузмырҽеиуа ааха арҭеит. Иҩныганы иргеит ажәытәӡатәи аамҭақәа ирыҵаркуаз зхаҭабзиара ҳаракыз аибашьыгатә маҭәахәқәа, хықәкыла ашәақьқәа.
"Гагра араион ахы ианақәиҭха, аӷацәа еиладырбгаз амузеи аҿы наҟ-наҟ иӡыругашаз аекспонатқәа еидҟәшәаланы ауахәама авара хыбрак аҟны ишьҭаҳҵеит. Аибашьра ашьҭахь снапаҿы иааиуаз археологиатә ԥшаарақәеи, ақалақь аҭоурых атәы зҳәоз афотосахьақәеи, акурорт Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи ихаану амаҭәарқәа рҟәырҷахақәеи уҳәа рыла еизсырҳауан. Ирацәоуп исыдыргалақәоз рахьтә иаасхәақәаз. Хәышықәса раԥхьа иахьа ижәбо амузеи шьақәыргыланы аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи рзы ашәқәа ааҳартит. Ари амузеи аԥсшьарҭатә комплекс "Абааҭа" анапаҵаҟа иҟоуп", - иҳәеит амузеи аиҳабы, аҭоурыхҭҵааҩ, археолог Руслан Барцыц.
1 / 2
Руслан Барцыц археолог
2 / 2
Руслан Барцыц археолог
Амузеи ахыбра, аԥсшьарҭатә комплекс аӷьырак еиԥш, IV ашәышықәса иаҵанакуа ажәытә хыжәжәарақәа рыла еиқәҵоуп, анкьа Марсельтәи акыц ала ихыбын. Апринц Ольденбургтәи иадминистрациа иаҵанакуаз обиектын. Уи аԥхьаҟа хырӷәӷәарҭан, зны аурымцәа, нас аамҭа-аамҭала абырзенцәеи, аҭырқәцәеи, аурысцәеи рнапаҵаҟа иҟан.
Арадио
Барцыц Гагра аҭоурых амузеи иазкны: иҳалшоз ала ҳаицхыраан иҟаҳҵаз ауп
Амузеи аҟны ицәыргоу археологиатә експонатқәа ирылубаалоит аетнографиатә маҭәарқәагьы.
"Араҟа иҳамоуп аԥсуа ԥацха амакет, ажәытәӡатәи ачысмаҭәақәа, иаҳҳәозар, аԥҳал, алу, агәыгәым, ауаҭкаршыга. Аԥсуа маҭәа цәыргоуп. Иҟоуп абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ашхәа амакет, раӡныла иҩычоу аҽы амгәырххақәа, акәадыр. Иӡыргоуп араӡны иалху, аскифқәа ирхаану анапхаҵақәа, ахәдахаҵақәа уҳәа аԥҳәыс лхы иалырхәоз арԥшӡагақәа. Аџьази абҩа лыхқәеи рацәоуп. Абџьар хкқәа – ашәақьқәа, аклаҭтапанчақәа, аҟамақәа, аҳәызбақәа ҳамоуп. Апринц Ольденбургтәи ихы иаирхәоз ачысмаҭәа цәыргоуп. Ажәакала, ахаҳәтә аамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа ҳҭоурых зҳәо амаҭәарқәа рыла ҳаҽхәартә ҳаҟоуп. Амузеи аҭыӡқәа рҿы икыдуп Гагра иаҭаахьоу еицырдыруа ауаа рфотосахьақәагьы", - ҳәа азгәеиҭоит археолог.
1 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
2 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
3 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
4 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
5 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
6 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
7 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
8 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
9 / 9
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
Амузеи аиҳабы Руслан Барцыц иажәақәа рыла, иҟоуп макьаназы иӡыргам антикатәи аамҭақәа иртәу амаҭәарқәагьы, урҭ ахьлыхқәа роуп. Ҷыдалатәи асеифқәеи насгьы ахылаԥшҩи дыҟамкәа ас еиԥш иҟоу зыхә ҳаракӡоу аекспонатқәа узцәыргаӡом.
"Ахьлыхқәа – арԥшӡагақәеи аԥараҿарпи цәыргазар, хымԥада, аҭааҩцәа еиҳагьы ирацәаҩхон, аха уи азы макьана аҭагылазаашьеи ашәарҭадареи аԥҵам. Араҟа ацәыӡ анҳаузгьы ыҟан. Амузеи иасҭаз сзааӡаз сгара дәылганы иргахьеит. Ахьы хылаԥшрада инхар, хымԥада, ацәгьахәыццәа авсуам", - ҳәа инаҵишьит иара.
Иахьа Гагра араион аҟны аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи рзы х-музеик аартуп, Гагра ақалақь аҭоурыхтә музеи инаваргыланы узхәаԥшыша рацәоуп Пицундатәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны, иара убас Лӡаа ақыҭан Хьецурианиаа рҭаацәаратә музеи аҿгьы.
1 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
2 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
3 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
4 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
5 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
6 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
7 / 7
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
"Ҳара ҳмузеи лаҵарамза инаркны жьҭаарамзанӡа иаартуп. Аҭааҩцәа ирымоуп алшара шә-мааҭк ҳәа ҩ-уадакны ишьақәгылоу амузеи аҟны аекспонатқәа арыхәаԥшра. Амузеи аҿы аекскурсиамҩаԥгаҩ дазԥхьагәаҭаӡам, аҭааҩцәа аҩырақәа рыла еилыркаарц рылшоит рыла иабо зҵанакуа. Иҟалалоит агәыԥ дуқәа рыла ишьақәгылоу асасцәа анҳзааиуа, усҟан ӡынгьы-ԥхынгьы адырра ансоулак, иӡыргоу зегьы ахҳәаа рысҭоит", - иажәа иациҵоит амузеи аиҿкааҩ.
Иумҳәарц залшом амузеи аҟны аҭыԥ ҷыда шамоу Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аҭоурых атәы зҳәо акәакь. Араҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз Сулҭан Сосналиеви, аибашьра ахроника зныԥшуа афотосахьақәеи, абџьар афрагментқәеи, амедицинатә маҭәашьарқәеи уҳәа убоит. Акәакь аханы икыдуп аԥсуеи адыгеи бираҟқәа.
1 / 4
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
2 / 4
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
3 / 4
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
4 / 4
Гагра ақалақь аҭоурых амузеи
Руслан Барцыц инапала еиқәирхаз, иахьа уажәраанӡагьы зеихаҳара даҿу Гагра ақалақь аҭоурыхтә музеи, ажәытәи аҿатәи бзазара аинтерес азҭо изы идыррарҳагоуп. Араҟа ицәыргоу зегьы ҳажәлар рҿахәы зҳәо ԥшаарақәоуп.
"Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп": археолог Руслан Барцыц иҭоурых