"Аԥсшьаҩцәа ахьнеиуа Гагра аҭоурых ажәытә аамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа иахьырбо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Излаҳалшоз ала ак ҟаҳҵеит, ари аҳәынҭқар иус зынӡак иалаӡам. Ари аӡәык-ҩыџьак иҳалшоз ала ҳаицхыраан аекспонатқәа ԥшааны Гагра аҭоурых излауала иааҳарԥшуеит, нас Аԥсны абзазара иадҳәалоу амаҭәарқәа ӡыргоуп. Ажәытә ҿыхынҵақәагьы ҳамоуп, ауаа ааиуеит, ирбоит, иахәаԥшуеит. Изӷәаԥхо дыҟоуп, изгәамԥхогьы дыҟоуп. Ҭыԥла иара Абааҭа аԥсшьарҭа ҭыԥ иҟоу иадҳәалоуп, иара аартра зыбзоурахазгьы Иура Лолуа иоуп, саргьы снахылаԥшуеит, Анна Броиде дсыцхраауеит. Аԥсшьаҩцәа ахьынӡаҟоу аус ауеит, нас иаҳаркуеит. Ашколхәыҷқәа ҳзаауеит. Сынтәа Кавказынтә 100-ҩык ахәыҷқәа ҳҭан, иара азал маҷуп азы знык ала жәаҩык роуп иҩнаҳҵо. Ҳаибашьра атема атәы зҳәогьы акәакь ҳамоуп, убас ауп аус шаауа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.