Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Азовсталь" аибашьцәа реиҳараҩык ҭыҵхьеит иҳәеит Пушилин

Мызкы аԥхьа урыстәылатәи аруааи ДЖәР амчрақәеи Мариуполь ахы иақәиҭыртәит, убри аан ҩ-нызқьҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа азауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Мариупольтәи азауад "Азовсталь" аҿы зҽыҵәахны иҟаз аибашьцәа реиҳараҩык ҭыҵхьеит иҳәеит ДЖәР ахада Денис Пушилин "СоловьевLive" аефир аҿы.
"Реиҳараҩык рабџьар шьҭаҵаны рыҽҳарҭахьеит", - иҳәеит ДжәР ахада.
Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков иҳәахьан лаҵара 16 аахыс украинатәи аполк "Азов" 959-ҩык аибашьцәеи ихәу 80-ҩыки рабџьар шьҭарҵеит ҳәа.
ДЖәР гәҭакыс ирымоуп "Азовсталь" аҭыԥаҿ ԥхьаҟа апарктә ҵакыра ма атехнопарк аадыртырц.
УАМ Курсктәи аобласт ралахысраан аҭыԥантәи ауаҩԥсы дҭахеит
Хәажәкыра 7 азы урыстәылатәи аруааи ДЖәР амчрақәеи Мариуполь амацәаз иҭаркит. Мшаԥы 21 азы ақалақь ахы иақәиҭыртәит, убри аан ҩ-нызқьҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәеи украинатәи аполк "Азов" аҟынтәи аруааи азауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит.
Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит азауад ааглыхратә ҵакыра ҭахыркаарц. Хәажәкыра 16 азы забџьар шьҭазҵаз раԥхьатәиқәа азауад иҭыҵит.