УАМ Курсктәи аобласт ралахысраан аҭыԥантәи ауаҩԥсы дҭахеит

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия обстрела в Донецке
Последствия обстрела в Донецке - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2022
Анапаҵаҩра
Ари амчыбжь азы Украина аганахь ала иалахысхьан, усҟан ааха аҭан ашьақарзауад. Урыстәылатәи аоперациа ҷыда иалагазар УАМ изныкымкәа аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа ирылахысхьеит.
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. УАМ Курсктәи аобласт ралахысраан аиланхарҭа Теткино аҿы аҭыԥантәи ауаҩԥсы дҭахеит ҳәа ааицҳауеит Курсктәи аобласт агубернатор Роман Старовоит Telegram-канал аҿы.

"Аӷа аҽазныкгьы ашьыжьшараз Теткино дажәлеит. Арыцҳара ҟалеит. Уажәазы еилкаау аӡәы дышҭахаз ауп. Заанаҵтәи адыррақәа рыла уи асԥирҭтә зауад ахь фурала аӡа аазгаз амашьынарныҟәцаҩ иоуп. Аӷа ари аргылара иакымкәа ахы агәыдиҵеит. Аҭыԥаҿ иҟоуп ахәрақәа змоу, урҭ ацхыраара рырҭоит", - иҩуеит Старовоит.

Агубернатор иазгәеиҭеит ааха зауз аҩнқәа шыҟоу, иара убасгьы иԥымжәаз артҟәацгақәагь ыҟоуп ҳәа адырра шимоу. Аҟазауаа ацәгьоура ашәҟәы аҭагаларазы аусурақәа мҩаԥыргоит.
"Арыцҳара иаҵанакыз аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭахоит", - ҳәа азгәеиҭоит иара.
Курсктәи аобласт аҿы мшаԥы 11 аахыс атеррористтә шәарҭара "аҩеижь ҩаӡара" рылаҳәоуп. Урыстәылатәи ПВО арегион ажәҩантә ҵакыраҿы Украинантә иаашьҭыз аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба карыжьит.
Ажәабжьқәа зегьы
0