Аԥсны

Аҟәатәи амҩақәа ахьӡқәа рыҭареи рыԥсахреи рзы акомиссиа аԥҵоуп

Акомиссиа аӡбра аднакылалоит аҳҭнықалақь амҩақәеи апаркқәеи ахьӡқәа рыҭареи рыԥсахреи рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аҟәатәи амҩақәа, амҩадуқәа, амҩабжьагалақәа, абжьаларҭақәа, апаркқәа, абаҳчахәыҷқәа, абульварқәа, ашҭақәа рыхьӡқәа рыҭареи рыԥсахреи рзы акомиссиа аԥҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Акомиссиа иалахәуп аҵарауаа, аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа – зынӡа жәҩык:
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, аҭоурыхдырыҩ Сослан Салаҟаиа, Ауаажәларратә палата алахәыла Елена Лабахәуаԥҳа, академик Олег Бӷажәба, апартиа "Амцахара" алахәыла Руслан Џьуӷьелиа, "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Хына Думаа, Атәылахьчара аминистрра архив аиҳабы Валериан Агәмаа, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, ақалақьтә еизара адепутат Инал Кьышьмариа.
Аԥсны
Ауаажәларратә палата аҟәатәи амҩақәа рыхьӡқәа рхыхразы ажәалагала иадымгылеит