Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауаажәларратә палата аҟәатәи амҩақәа рыхьӡқәа рхыхразы ажәалагала иадымгылеит

© Sputnik Улица Шотландская
Улица Шотландская  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 7 азы Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит Сахаров ихьӡ зху амҩа аинрал Аршба ихьӡ ахҵазарц, Шотландиа ахьӡ зху амҩа – аинрал Агрба ихьӡ ахҵазарц.
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата Аҟәа Сахаров имҩеи Шотландиатәи амҩеи рыхьӡқәа шыҟоу инрыжьырц ааԥхьара ҟанаҵеит. Абри атәы Апалата ирыланаҳәеит мшаԥы 8 азы.
Уаанӡа арҭ аҳҭнықалақь амҩақәа аԥсуа аинралцәа Гиви Агрбеи Владимир Аршбеи рыхьӡқәа рхырҵеит. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит Сахаров ихьӡ зху амҩа аинрал Аршба ихьӡ ахҵазарц, Шотландиатәи амҩа – аинрал Агрба ихьӡ ахҵазарц Атәылахьчара аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, аветерантәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рыҳәарала.
"Аԥсны Ауаажәларратә палата Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа Сахаров ихьӡ зху амҩеи Шотландиа ахьӡ зху амҩеи рыхьӡқәа рхыхзарц аӡбра ирыдыркылаз иақәшаҳаҭым. Иазаҳаԥхьаӡоит уаанӡатәи ахьӡқәа ааныжьтәуп ҳәа, урҭ Аԥсны азы аҭоурыхтә ҵак ахьрымоу азы", - аҳәоит Ауаажәларратә палата иҟанаҵаз алаҳәара.
Убри аан дара ажәадгала ҟарҵеит арҭ хьӡи-ԥшеи змоу аинралцәа рыхьӡқәа аҽа мҩақәак ирыхҵазарц.

"Аԥсны афырхацәа Г. Агрбеи В. Аршбеи рыхьӡ акамыршәра аҽакалагьы иалшоит – уиаҟара аҭоурыхтә ҵак зманы иҟам амҩақәа рыхьӡ аԥсахрала", - ҳәа азгәанаҭеит Апалата.

Аҟәа Шотландиатәи амҩа аҭоурых

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар ҟалаанӡа, 1988 шықәса жьҭаара 2 азы Аҟәеи шотландиатәи Килмарноки аиашьара рыбжьарҵеит. Аибашьра ашьҭахь Килмарнок апаркқәа руак аҿы иқәыргылан аԥсуа-ақырҭуа еибашьра иалаӡыз аԥсуа еибашьцәа рыхьӡала абаҟа. Уи аҭакс 1995 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь амҩақәа руак Шотландиа ахьӡ ахырҵеит.
Килманрок - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2017
Шотландиа Аԥснытәи аибашьраҿы иҭахаз рыхьӡала иргылаз абаҟа аанрыжьуеит

Академик Сахарови Аԥсни

Аҟәатәи амҩақәа руак ихьӡ ахҵан адунеи аҟны еицырдыруаз ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ, академик Андреи Сахаров, иара друаӡәкуп 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы аԥсуа-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа иамаз ауадаҩрақәа ирылацәажәоз. Иара ихшыҩҵак хадақәа Аԥсны Жәлар рфорум ашәҟәқәа шьаҭас иазыҟалеит, ажәларгьы адгылара арҭеит.

Гиви Агрба

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Гиви Агрба аибашьра раԥхьатәи амш инаркны Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан, Афонҿыцтәи абригада командирс дыҟан, Гәдоуҭатәи агарнизон деиҳабын. Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Аибашьра ашьҭахь Гиви Агрба аус иуан Аҟәатәи агарнизон аиҳабыс, нас – Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс 1993 – 1996, 1996–2002 шықәсқәа рзы Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, 2002–2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс.
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Аԥсны
Аибашьҩы гәымшәа, ауаҩ иаша: Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа

Владимир Аршба

Владимир Аршба- Аԥсны Атәылахьчара раԥхьатәи аминистр, Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара хадара азиуан. Афгантәи аибашьра даветеранын. 2008 – 2009 шықәсқәа рзы Владимир Аршба Аԥсны Ахада арратә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩс дҟаҵан. 2009 – 2015 шықәсқәа рзы Аԥсны Амиграциатә маҵзура дахагылан. Владимир Аршба иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 16 2018 шықәсазы.
Мзиа Беииаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2019
Арадио
Беииаԥҳа еиҭалҳәеит аинрал Владимир Аршба изку ахәылԥаз шыҟало
Ажәабжьқәа зегьы
0