Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа русура аԥсшьаҩцәа атәыла иадҳәалоу адыррақәа рызнагара адагьы аԥсуа ихыҿра ӡырыргоит ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Мықәԥҳа.
"Уцәа-ужьы иалазароуп ари аусура. Сколлегацәа зегьы гәыблыла иазнеиуеит, убри аҟнытә абысҟак зчеиџьыка, зыпату ҳараку, ҳара иҳамбацт ҳәа ҳаҳәаны ауп ишцо аԥсшьаҩцәа", - ҳәа азгәалҭеит Мықәԥҳа.
Аекскурсиамҩаԥгаҩы атәыла аӡыргараҿы илагала дууп, аԥара арҳара мацара ҳәа иазнеиз уи азанааҭ даԥсаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кама Мықәԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит хҭыск Рица дзықәшәаз, аԥсуаа ҳаизыҟазаашьа, ҳауаҩра атәыла асасцәа ишрыдыркыло атәы.
Кама Мықәԥҳа дазааҭгылеит маӡала аекскурсиа мҩаԥызго рганахьала лгәаанагара атәы. Еиҭалҳәеит аԥсшьаҩы иаҳасабала урҭ аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа ирыцны аныҟәара шымҩаԥыргаз. Аԥсшьаҩы игәаҵанӡа инаҳгәозар ҳтәыла, дара аԥсуаа ирхыччартә еиԥш иҟарҵоит, ҳәа еиҭалҳәеит Мықәԥҳа.
"Агыршәа атопонимака рҳәоит. Рхыԥхьаӡара иацлоит. Ари ӡбатәуп. 300-400 инареиҳаны, амашьына хәыҷқәа рыла иаауеит. Аԥсуаа ҳладырҟәуеит", - азгәалҭеит Мықәԥҳа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.