Аԥсны

Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа

Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәоит лаҵара 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Аҟәа аԥшаҳәаҿы Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит лаҵара 21 рзы.
Мчыла зыԥсадгьыл иахырцаз Аԥсны иқәынхоз ҳауаажәлар ргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны аиҳабыра, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа, ашколхәыҷқәа.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩ Сариа Ҳашыгԥҳа лажәақәа рыла, Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 158 шықәса аҵра инамаданы еиҿкаау аусмҩаԥгатәқәа хәылбыҽханӡа ишыҟало.
"Амҳаџьырқәа рбаҟа ааигәара афотоцәыргақәҵа еиҿкаауп, уа иқәҳаргылеит мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ҳашьцәа рфотосахьақәа. Анаҩс урҭ ргәалашәара аҳаҭыр азы аҵлақәа еиҭаҳҳауеит. Иара убас иахьантәарак Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа игылазаауеит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриантцәа иҭырхыз асахьақәа. Уи адагьы аиԥхныҩлара ҟалоит. Ахәылбыҽха абаҟа аҿаԥхьа агәалашәаратә усмҩаԥгатә ҟалоит, амца ду еиқәҵахоит", - лҳәеит Ҳашыгԥҳа.
1 / 14

Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа

2 / 14

Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа

3 / 14

Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа

4 / 14

Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа

5 / 14

Аҟәа иргәаладыршәеит амҳаџьырра иагаз Кавказ ажәларқәа

6 / 14

Амҳаџьырқәа рбаҟа ааигәара зыԥсадгьыл мчыла иахырҵәаз ҳашьцәа рфотосахьақәа цәыргоуп

7 / 14

8 / 14

9 / 14

10 / 14

11 / 14

12 / 14

13 / 14

Амҳаџьырқәа ргәалашәара аҳаҭыр азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аганаҿы аҵлақәа еиҭаҳан

14 / 14

1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳараҩык нхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара ааигәа егьырҭ атәылақәа рыҟны.
Арепатриациа
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы