Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу "Азовсталь" ахы ишақәиҭыртәыз иҳәеит

Мызкы иназынаԥшуа аметаллургиатә зауад "Азовсталь" аҵакыраҿы амацәаз иҭакын украинатәи амилаҭеилыхҩцәеи атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи қьырала еибашьуази.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәыла Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин иеиҳәеит Мариуполь "Азовсталь" украинатәи амилаҭеилыхратә батальон "Азов" аибашьцәа рҟынтәи ахы ишақәиҭыртәыз. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Лаҵара 20 рзы рабџьар шьҭарҵеит 531-ҩык иаанхан иҟаз амилаҭеилыхыҩцәа ргәыԥ.

"Адгьылаҵантәи аргыларақәа рҿы зҽызҵәахыз аибашьцәа урыстәылатәи арбџьармчқәа рнапаҵаҟа иаагоуп. Лаҵара 16 раахыс абџьар шьҭаҵаны зхы рызҭаз украинатәи аррамаҵуцәеи амилаҭеилыхцәа "Азов" аибашьцәеи 2439-ҩык ыҟоуп", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Хәажәкыра 7 рзы урыстәылатәи аруааи ДЖәР амчрақәеи Мариуполь амацәаз иҭаркит. Мшаԥы 21 рзы ақалақь ахы иақәиҭыртәит, убри аан ҩ-нызқьҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәеи украинатәи аполк "Азов" аҟынтәи аруааи азауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит.
Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан, абџьар шьҭазҵо аибашьцәа ишрылакьымсуа, агуманитартәи амедицинатәи цхыраара шрырҭо азы.
Уаанӡа азауад аҵакыраҟынтәи иалыргахьан украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа мчыла иаанкылан ирымаз 177-ҩык аҭынч уааԥсыра: 85-ҩык аҳәсеи 47-ҩык ахәыҷқәеи. Зегьы иахәҭаз амедицинатәи апсихологиатәи цхыраара рыҭан.