Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР арбџьармчқәа рнапахьы иааргеит ареспублика аиланхарҭақәа 216

Донбасс ахақәиҭтәразы Урыстәыла арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи хымз ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. ДЖәРи ЛЖәРи рарбџьармчқәа Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыцырхырааны рнапахьы иааргеит Донецктәи Жәлар Рреспублика иаҵанакуа аиланхарҭақәа 216, абри атәы аанацҳауеит ареспублика аҵакыратә тәылахьчара аштаб а-Telegram-канал аҿы.
"Лаҵара 22 2022 ш. азы иҟоу аҭагылазаашьала Донецктәи Жәлар Рреспублика аҵакыраҿы ДЖәРи ЛЖәРи рырратә гәыԥқәа Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыдгыларала рнапахьы иааргеит аиланхарҭақәа 216", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Урыстәыла Украина абџьарҟәныхреи аденацификациеи ирзырхоу арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы, уи хықәкыс хадас иамоуп 2014 шықәса рзы Маидан аԥҟарақәа здызымкылаз, аашықәса раахыс киевтәи амчрақәа ирыхҟьаны агеноцид иҭагылаз Донбасс ауаажәлар рыхьчара иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Донбасс ахақәиҭтәразы аоперациа ҷыда иалахәуп Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала инеиз арԥарцәагьы.