Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа иқәырхит Украина аруаа ахьгылоу араионқәа 600 инареиҳаны

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 600 инареиҳаны иқәырхит Урыстәыла ар иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла, абри атәы иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков абрифинг аан.
Убас, аракетатә архәҭақәеи артиллериеи рыла ихысны ирыцҟьеит аруааи арратә техникеи ахьгылаз 583 раион, иара убас анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 41, аибашьра ацәаҳәаҿы игылаз артиллериатәи аминаршәгатәи архәҭақәа 76.
Икылкааны ихысуа аҳауаҿы иҟоу аракетақәа реихсит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, украинатәи аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 13, иара убас ДЖәР ЛЖәР иахьрыҵанакуа иҟоу аиланхарҭақәа рҿы ирымаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба.
Урыстәылатәи авиациа анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хԥа, украинатәи аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 26, иара убас Красныи Лиман иахьаҵанакуа иҟоу аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа. Уи адагьы иҭархоуп амилаҭеилыхыҩцәа 210, Украина арратә техника акқәа 38 иҳәеит аинрал.
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки ирылагӡаны икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирпланқәа 11, зныкҟьара ахы казыршуа асистема "Смерч" иаанашьҭыз ареактивтә снариадқәа ҩба.