Аԥсны

Симон Канатәи игәалашәараз Аҟәа Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит

Иаса Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа руаӡәк - Симон Канатәи I ашәышықәсазы Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Симон Канатәи игәалашәара аҳаҭыраз аныҳәатә Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа аҟны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Бассариан.
Иара иазгәеиҭеит, Афонҿыцтәи аберҭыԥ ада, Аԥсны ауахәамақәа раԥшьаҩцәа зегьы Аҟәатәи аныхабаа аҟны Анцәа имҵаныҳәара шымҩаԥыргаз, ашәахьа ашьыжь асааҭ 8:00 инаркны 12:00 рҟынӡа.
Иаса Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа ируаӡәкыз, агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш ҳреспубликаҿы есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 23 рзы. 2013 шықәсазы атәылаҿ ирылаҳәан ари арыцхә иныҳәатә ԥсшьарамшны.
Аԥсны
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш
Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы. Симон Канатәи иакәзар Аԥсны даангылеит, Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит.
Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәырцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.
Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.