Аԥсны

Симон Канатәи игәалашәараз Анцәа имҵаныҳәара рхы аладырхәит урыстәылатәи анцәахаҵаҩцәа

Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш Аԥсны иазгәарҭоит лаҵара 23 азы. 2013 шықәса раахыс ари амш ҳтәылаҿы иныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Симон Канатәи игәалашәара аҳаҭыраз Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа аҟны имҩаԥысыз аныҳәатә Анцәа имҵаныҳәара рхы аладырхәит Аԥсны иқәынхои Алада Урыстәылантәи анцәахаҵаҩцәа ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ Аб Игнати Киут.

"Иахьа ныҳәамшуп. Аԥсны адинмаҵзуҩцәа зегьы Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа аҟны анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит. Уи хадара аиҭон Аб Бассариан. Анцәахаҵаҩцәа ааит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи, иара убас ирацәаҩын урыстәылантәи иаазгьы", - ҳәа иҳәеит иара.

Аигумен Игнати иазгәеиҭеит, ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи аҭаацәара аԥҵара анцәахәы ҳәа дшыԥхьаӡоу, убри аҟнытә ишырацәаҩу ари аҽны Аԥсны иааны аҭаацәарақәа аԥызҵо. Сынтәа еиҳарак ақьырсиан динхаҵаҩцәа Анцәа изимҵаныҳәуа адунеи аҿы аҭынч ԥстазаара ҟаларцаз ауп, иҳәеит иара.
Аԥсны
Симон Канатәи игәалашәараз Аҟәа Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит
"Ҳара ҳзын ари аныҳәа Амшаԥныҳәа иаҳзаҩызоуп, избанзар ҳара ҳаԥшьоуп Ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи иныҳәаԥхьаӡ ала, иара иԥсыбаҩ ауахәама аԥхьакырҭаҿ иҟоу Аԥсны зегьы ахьчоит", -иҳәеит Камантәи аберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ.
Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш Аԥсны иазгәарҭоит лаҵара 23 азы. 2013 шықәса раахыс ари амш ҳтәылаҿы иныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы. Симон Канатәи иакәзар Аԥсны даангылеит, Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит.
Аԥсны
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш
Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.
Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.