Урыстәылатәи аекономика иалшоит асанкциатә аахақәа рычҳара иҳәеит Путин

Ашәахьа Урыстәылеи Украинеи рхадацәа Владимир Путини Александр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит Шәача.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи аекономика иалшоит асанкциатә аахақәа рычҳара иҳәеит Владимир Путин белоруссиатәи иколлега Александр Лукашенко иԥылараан.
"Иазгәасҭарц сҭахын, ауадаҩрақәа шыҟоугьы урыстәылатәи аекономика асанкциатә аахақәа рычҳара шалшо. Абри атәы аҳәоит ихадоу аекономика аҭҵааратә рбагақәа зегьы", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иахьатәи аҭагылазаашьаҟны урыстәылатәи аекономика аиҳабыра рҟынтәи азҿлымҳара шаҭаху, уи аганахь ала алҵшәақәагьы ахәшьара бзиа аиҭеит.
Путин: Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аглобалтә кризис ахь икылнагоит