Путин: Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аглобалтә кризис ахь икылнагоит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по развитию агропромышленного и рыбохозяйственного комплексов
Президент РФ В. Путин провел совещание по развитию агропромышленного и рыбохозяйственного комплексов - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит асанкциатә политика Евроеидгылеиԥш иӷару, амлакра ианиар ауа атәылақәа рызгьы риашашьа змам ауадаҩрақәа шцәырырго.
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит Мраҭашәара иаланагалаз асанкциақәа дара рекономика ааха шанаҭо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аекономикатә зҵаарақәа рзы аилацәажәараҿы атәыла ахада иажәақәа ааго.

" Урыстәыла иаҿагыло арҭ асанкциақәа аглобалтә кризис ахь икылнагоит. Дара равторцәа ихшыҩдоу аполитикатә гәаарақәеи, аурысцәымӷреи напхгагас иҟарҵеит, аха ааха зырҭо рхатәы економикеи рыуаажәлари роуп. Ари убарҭоуп аинфляциа иаалырҟьаны Европа ашьҭыҵра", – иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла асанкциақәа рыхҟьаԥҟьақәа "зхатәы ԥхьагыларазы адунеи зегь иазхьамԥшуа" мраҭашәаратәи атәыла дуқәа ирхарахоит.
Ахада иҳәеит тәылақәак рҿы аинфлиациа 20% ишхалаз, Европа атауарқәа рыхәԥса – 11%. Убри аан Урыстәыла аинфлиациа лаҟәуеит, Абанк хада ахықәкытә рбагақәа ирықәшәо ҳәа иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит амааҭ ахәԥса шыӷәӷәахаз, урыстәылатәи амилаҭтә валиута адоллар иаҿырԥшны адунеи аҿы иреиӷьу ҳәа ишшьахаз.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Bloomberg амааҭ адунеи аҿы иреиӷьу валиутоуп ҳәа ахнаҳәааит
Путин иҳәеит ԥхьаҟагьы атәыла анапхгара ахархәаратә ҭахрақәа адгылара шрырҭало, урыстәылаа рлагалақәа ишрызхәыцло, абизнеси атәыла арегионқәеи рылшарақәа ишрыцырҵало.
Ажәабжьқәа зегьы
0