Аԥсны

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа зегьы рыла ихаҭәаауп

Ауаажәларратә палата алахәылацәа ҩыџьа ралҵра иахҟьаны иҭацәыз ҩ-ҭыԥк ҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Бадри Есиава. Ауаажәларратә палата алахәылас далхуп Михаил Сангәылиа ҳәа Sputnik акорреспондент иизеиҭырҳәеит АП аҟны, лаҵара 24 рзы.
Лаҵара 20 рзы имҩаԥгаз алхрақәа раан ауаажәларратә палата алахәылацәа ркандидатцәа еиҟараны абжьқәа ахьроуз иахҟьаны лаҵара 24 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥган. Лаҵара 20, 24 рзы имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа рыла иалхын ареспубликатә ауаажәларратә хеилак "Аԥсадгьыл" аҟнытәи акандидат Асҭамыр Ахбеи, ААХ "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" аҟнытәи акандидат Михаил Сангәлиеи.
Алхрақәа алахәхаразы азыҳәақәа жәба нашьҭын, алҵшәақәа рыла Асҭамыр Ахба 21 бжьы иоуит, Михаил Сангәылиа-18.
Ауаажәларратә палата алахәылацәа ҩыџьа ралҵра иахҟьаны иҭацәыз ҩ-ҭыԥк ҟалеит. Ерик Рштуни Апарламент адепутатс далхуп, ажурналист Надежда Венедиктова хатәгәаԥхарала апалатаҿ лусура аанлыжьит.
Аԥсны
Ауаажәларратә палата алахәыла ҿыц далхуп
Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. 13-ҩык ахада иалихуеит, 11-ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.