Аԥсны

Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариараз азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп Аҳәынҭдума аилатәараҿы

Аилатәара иалахәхоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла (ИАР) аусқәеи, евразиатә аинтеграциеи, аџьанџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак Ԥсоу аҳәаа ахысра армариара азҵаара алацәажәаразы аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 25 рзы, абри атәы аанацҳауеит ААР амедиацентр.

Аилатәара алҵшәақәа рыла иазгәаҭоуп, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара алзыршо "амҩатә хсаала" ашьақәырӷәӷәара", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Аилатәара аԥшьыргеит аԥсуа ган, уи иалахәхоит Жәлар Реизара адепутатцәа, аԥсуеи аурыси апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.
Урыстәыла имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда иахҟьаны атәылақәа жәпаки дареи рыбжьара аҳәаақәа аркуп, уи иабзоураны акурорттә аамҭазы Аԥсны атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳара иазыԥшуп.
Аԥсны
Ахада ихаҭыԥуаҩ аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа аус рыдиулоит
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа змоу аҳәаа рахысра армариара азҵаара изныкымкәа иалацәажәахьеит аԥсуа ган, избан акәзар аушьҭырҭатә ҭыԥ Ԥсоу уахыки-ҽнаки ауаа рацәа аушьҭразы алшара амам. Уи иахҟьаны аҳәааҟны амашьанықәеи ашьаҟауааи роушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны аԥхынтәи аамҭазы агәаранқәа шьақәгылон.