Мезенцев Мраҭашәара НАТО аганахьала ирымаз аиқәшаҳаҭрақәа шынармыгӡо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев афорум "Новые смыслы новой реальности" аҟны иқәгылараан Мраҭашәаратәи атәылақәа НАТО рыҽдмырҭбаараз ирымаз аиқәшаҳаҭрақәа шынармыгӡо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

"Хымԥада ихьааҳгоит ҳаиашьаратә жәларгьы ҳаргьы аимак-аиҿак ахьҳабжьоу, аха ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит ас еиԥш ахымҩаԥгашьа Мраҭашәара ишҳаднаҵаз, дара ари амодель 30 шықәса иақәныҟәоит. Мраҭашәара ажәа ҳарҭахьан НАТО мрагыларатәи аган аҿырҭбаара, аха дара урҭ аиқәшаҳаҭрақәа ирыцәхьаҵит", - иҳәеит Мезенцев.

Мезенцев иргәалаиршәеит, Урыстәыла ахада Владимир Путин изныкымкәа ишиҳәахьаз, европатәи адунеитәи ашәарҭадаразы амодель ҿыц аиҿкаара шаҭаху.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа аминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова илҳәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы мраҭашәаратәи атәылақәа ашәарҭадара ахәдықәҵаразы ирыдыз ахықәкы зныкгьы ишынарымгӡаз, уи аан Урыстәыла анагӡаразы алшарақәа аԥнаҵон.
Швециеи Финлиандиеи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ашәҟәы изынарышьҭит алианс алахәхаразы
"Алшара рыҭан аашықәса рыбжьара. Дара ирыҭаз алшара киевтәи арежим ацхраарахьы идырхеит", - лҳәеит лара.
Захарова иазгәалҭеит, убри аан аимак-аиҿакқәа рҭышәныртәаларазы Урыстәыла изныкымкәа жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа рхықәкы шынарыгӡоз. Ҿырԥштәыс иаалгеит ОДКБ абжьаҟазаҩцәа ирыбзоураны 2022 шықәсазы Ҟазахсҭан ажәлар рыгәҭынчымра аҭыԥ ишықәырҵаз.
Ҟазахсҭан уаҳа аилаҩеиласра ҟалаӡом ҳәа агәыӷра ааирԥшит ОДКБ амаӡаныҟәгаҩ хада