Ҟазахсҭан уаҳа аилаҩеиласра ҟалаӡом ҳәа агәыӷра ааирԥшит ОДКБ амаӡаныҟәгаҩ хада

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродолжается переброска основных сил российских миротворцев ОДКБ в Казахстан
Продолжается переброска основных сил российских миротворцев ОДКБ в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Ҟазахсҭан аилаҩеиласра уаҳа изыҟалом, избанзар аҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп, ҳәа иҳәеит RT аинтервиу азҭаз ОДКБ амаӡаныҟәгаҩ хада Станислав Зас.

"Аҭакҟаҵаразы ашәарҭара ыҟоуп, мамзаргьы ҿыц еилаҩеиласрак ҟалоит ҳәа сызҳәом. Сара агәра ганы сыҟоуп уи шзыҟамло, избанзар, аҭагылазаашьа хылаԥшра амоуп. Иҩбахаз, уажәы иҟалаз ахҭыси иалахәызи аилкааразы аусурақәа цоит. Ҟазахсҭан ареспублика азакәан ишаҳәо ала урҭ ақәнага иақәыршәахоит. Хымԥада, зегьы рхатәы алкаақәа ҟарҵеит ари аҭагылазаашьа азы - аҟазах жәлар реиԥш, атәыла анапхгарагьы", - ҳәа иҳәеит иара.

 Работа миротворцев ОДКБ в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Токаев ОДКБ Ҟазахсҭан имҩаԥнагаз аусура ахәшьара аиҭеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ақәгыларақәа аилаҩеиласрахь ииасит. ООН адыррақәа рыла зықьҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Ақәыларақәеи арҳәрақәеи, азинмчратә усзуҩцәа рҿагылареи ирхырҟьаны аҭынчреиҿкааҩцәа ралагаларазы аҳәара ҟаҵан. Анаҩс уахь инашьҭын Аколлективтә ҭынчреиҿкааратә мчрақәа аҭагылазаашьа аҭышәнартәаларазы.
Ажьырныҳәа 13 азы ирылаҳәан ОДКБ қәҿиарала анапынҵақәа шынанагӡаз атәы. Уажәтәи аамҭазы абжьаҟазаҩцәа Ҟазыхсҭанынтәи ихынҳәуеит.
ЕАР адыррақәа рыла, Ҟасахсҭан аҿагылараан зқьҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит. Ҟазахсҭан ААР адыррақәа рыла амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа 17-ҩык ҭахеит, ааха роуит зқьи хышәҩык инреиҳаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0