Аԥсны

Ансамбль "Кавказ" Гәылрыԥшь аконцерт мҩаԥнагоит

Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Акультура аминистрра агастрольтә план инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" аконцерт мҩаԥысуеит лаҵара 27 рзы Гәылрыԥшь Дырмит Гәлиа ихьӡ зху акультура Ахан аҿы ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Ауснагӡатә иалагоит асааҭ 16:00 рзы, изҭаху зегь хәыда-ԥсада иахәаԥшыр рылшоит.
Ансамбль "Кавказ" Кандид Ҭарба 1990 шықәсазы иаԥиҵеит Адаԥазар ақалақь аҿы. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, 1994 шықәсазы иара еиҭахацыркын.
Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба аколлектив иалеигалеит аԥсуа кәашацәа реиԥш кавказтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәагьы.
Ансамбль ареспублика анҭыҵгьы акыр қәгылара мҩаԥнагахьеит. 2014 шықәсазы "Кавказ" Донецк иқәгылеит, 2017 шықәсазы - Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рҿы.