Аԥсны

Арӡынба: Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы агәаҭаратә ҭыԥ аԥыхразы аӡбара рыдкыламызт

Лаҵара 25 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ имҩаԥысит ИАР аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак аилатәара. Ирылацәажәан аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариареи.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит Ԥсоу аӡиас аҿы аҳәаахыҵырҭатә ҭыԥ аԥыхразы аӡбара рыдкыламызт ҳәа.

"Аилак аилатәараҿы аҳәаахыҵырҭатә ҭыԥ аԥыхразы аӡбара рыдкыламызт. Еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҳәан", - иҳәеит Арӡынба.

Аминистр иҳәеит аилатәараҿ ишыӡбаз аусутә гәыԥ аԥҵазарц. Иара иалахәхоит урыстәылатәи аган аиԥш аԥсуа ган аҟынтәгьы адепутатцәеи апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.
Аусутә гәыԥ алахәылацәа алацәажәараны иҟоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариара, алкаақәа инарықәыршәаны ирыдкылахоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ААР аганахьала азҵаара ацклаԥшра ӷәӷәа шаиуа, урыстәылатәи рколлегацәа алархәны аус шадулахо.