Аԥсны

Быҭәбеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аиԥылараҟны излацәажәаз азҵаарақәа иреиуоуп Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәшәтәырҭа аҟәша ҿыцқәа раартра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенкои амедицина аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәшәтәырҭаҿ аендоваскулиартәи аинвазиамаҷтә хирургиеи, ашәахәатә диагностикеи (КТ, МРТ), иара убасгьы ареабилитациатәи аинсультшьҭахьтәи ҟәша ҿыцқәа раартра.

Едуард Быҭәба иҳәеит Аԥсны аганахьала аусутә гәыԥ шеиҿкаау, арҭ аҟәшақәа раартраз иахәҭоу амаругақәа рышьақәыргыларазы урыстәылатәи аҟазауаа раара ишазыԥшу.
Быҭәбеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
Уи адагьы иалацәажәан аҿкчымазарақәа рыхәшәтәразы акурорттә сезон аамҭаз ахәыҷтәы ҳақьымцәа раара, ОМС азы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра, Аԥсны ауааԥсыра атехнологиа ҳарактә цхыраара рыҭара, ареспубликатә мҩаду аҿы ацхыраара ласы апунктқәа раартра, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа ркатегориақәак хәшәла реиқәыршәара.