Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи асапиорцәа Мариупольтәи абаӷәазаҿ аминақәа ыҵырхит

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу мшаԥы 21 рзы Мариуполь ахы ишақәиҭыртәызи лаҵара 20 рзы "Азовсталь" аҿы зҽыҵәахны иҟаз амилаҭеилыхцәа рабџьар шышьҭарҵази атәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Амшынеиқәатә флоти анџьныртә ари рҟазауаа Мариупольтәи абаӷәаза аҵакыраҿ аминақәа ыҵырхит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Аминақәа рҟынтәи ашәарҭара аԥыхразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп. Мариупольтәи абаӷәазаҿ иҟоу агидротехникатә ргыларақәа, анавигациатә хархәагақәа уҳәа рҭагылазаашьа ҭҵаауп, аусуратә ҟазшьа рыҭоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҟазауаа иӡааҟәрыланы иҟаз аҳәаахьчара аҷаԥшьаратә ӷба ҭыргеит, ишьҭырхит иӡсоз акранқәа ҩба. Иҭырҵааит 1,5 миллион метрԥшьыркца аӡымҽхакыреи, 18 сқьалеи, 32 ӷбеи.
Аминақәа рыҵхраан 134 ргыламҭа гәаҭан, 12 000 иԥжәоз амаҭәарқәа еиҵыхын.
Мариуполь урыстәылатәи ар ахыкәшан иркит хәажәкыра 7 рзы. Лаҵара 21 рзы Сергеи Шоигу адҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин ақалақь ахы ишақәиҭтәыз азы адырра ииҭеит. Убасҟан амилаҭеилыхцәа рбаталион "Азов" аметаллургиатә зауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит. Мызкы иназынаԥшуа уа итәан.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу Путин иеиҳәеит Мариуполь ахы ишақәиҭтәу
Лаҵара 20 рзы дара рабџьар шьҭарҵеит. Зынӡа рабџьар шьҭарҵеит 2,4 нызқьҩык аибашьцәа. Урыстәыла урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭадмыргыло атәы аҳәеит, агуманитартә зин инақәыршәан ишрызныҟәои амедицинатә цхыраара шрыҭахо ази иақәдыргәыӷит.