Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу Путин иеиҳәеит Мариуполь ахы ишақәиҭтәу

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с министром обороны РФ С. Шойгу
Президент РФ В. Путин встретился с министром обороны РФ С. Шойгу - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Анапаҵаҩра
Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи ари ДЖәР аотриадқәеи хәажәкыра 7 рзы Мариуполь амацәаз иҭаркит украинатәи аруааи амилаҭеилыхыҩцәеи рҟынтәи арыцқьара иалагеит.
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәылатәи ари Донецктәи Жәлар р-Республика аотриадқәеи Мариуполь ахы иақәиҭыртәит, азауад "Азовсталь" аҟны ишәаҳауп ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа УАМ рыр ҳәа иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр атәыла ахада Владимир Путин иԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит Кремль аофициалтә саит.
Мариуполь после отступления ВСУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Азов" иршьыз ауаа рыԥсыбаҩқәа мариупольтәи ахәшәтәырҭаҿы ирбеит
Шоигу Мариуполь абаталион "Азов" иаҳҭнықалақьын ҳәа азиҳәеит. Иара еиҭеиҳәеит киевтәи арежим 2014 шықәса раахыс абџьари, аибашьыга техникеи, ари ақалақь ахь ишеизыркуаз, хырӷәӷәарҭа ӷәӷәаны иҟарҵарц азы.

"Хәажәкыра 11 рзы, ақалақь ҳанахыкәшоз, УАМ рыррамаҵзурауааи аҳәаанырцәтәи қьыралатәи аибашьцәеи ари аҭыԥ аҿы рхыԥхьаӡара 8100-ҩык иреиҵамызт. Ақалақь ахақәиҭтәраан 4 000-ҩык рҟынӡа ҭархан, 1478-ҩык ҳаҭҟәеит, иаанхаз – ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа азауад "Азовсталь" аҩнуҵҟа ишәаҳауп", - иҳәеит Шоигу.

Иара иҳәеит амилаҭеилыхыҩцәа аҿагылара ҟарҵон анхарҭаҩнқәа рҟынтәи амца ҭырҟьо, ианхьаҵуазгьы, аҭынч уааԥсыра рыҽрываӡаны ихьаҵуан ҳәа.
Мариуполь ахы иақәиҭтәуа урыстәылатәи аруааи ДЖәР аруааи ирылшоз зегь ҟарҵон аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа реиқәырхаразы иҳәеит аминистр. Хәажәкыра 21 раахыс есыҽны агуманитартә бжьысырҭақәа аадыртуан ауааԥсыреи аҳәаанырцә тәылауааи ралгаразы, УАМ реибашьцәеи анацбаталионқәа реибашьцәеи ирыдыргалон рабџьар шьҭарҵарц.
Конкурс Авиадартс-2021 в Южном военном округе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла АКМ Украина аҽа 73 арратә обиект ҭадырхеит
Арҭ абаталионқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иҭдырҟьоз ахымца иаҵганы 142711-ҩык аҭынч уааԥсыра ишәарҭам аҭыԥқәа рахь инаган, амшынбаӷәазаҿ иҟаз атҟәацәа рхы иақәиҭтәын ҳәа иҳәеит Шоигу.
"Иахьазы Мариуполь аурыс ари ДЖәР ари рнапаҿы иҟоуп. Азауад "Азовсталь" аҵакыраҿы иаанхан иҟоу абаталион "Азов" аибашьцәеи аҳәаанырцәеибашьцәеи ҭахкаауп", - иҳәеит аминистр.
Ақалақь аҿы уажәы аҭагылазаашьа ҭынчроуп, азинеиҿкааратә усурақәа ирылагар алшоит аҭынч ԥсҭазаара архынҳәразы.
Аминистр иҳәеит амилаҭеилыхыҩцәа зынӡаск ақалақь ралгаразы даҽа хымш-ԥшьымш аҭаххоит ҳәа. Адҵаҟаҵаҩ хада "Азовсталь" ажәлара дақәшаҳаҭымхеит, иаԥсам ҳәа ишьаны.
Переговоры России и Украины в Гомельской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Москвеи Киеви реиҿцәажәараз: ампыл Украина аганахь иҟоуп
"Ари ибзианы азхәыцра анаҭаху ҭагылазаашьоуп, ҳсолдаҭцәеи ҳафицарцәеи рыԥсҭазаарақәа реиқәырхара аԥыжәара аҭатәуп. Иаԥсаӡам урҭ акатакомбақәа рахь аҭалара. Ааглыхратә зона аҵакыра зегьы амҵ ахымԥраауа иҭахышәкаа", - адҵа ҟаиҵеит Путин, иагьазгәеиҭеит аҽазныкгьы уа иҟоу абџьар ашьҭаҵара рыдыргаларц.
Ахада иҳәеит Мариуполь ахақәиҭтәра қәҿиароуп ҳәа, ар дрыдныҳәалеит.

Ар иҭабуп ҳәа рашәҳә. Зҽалызкааз аибашьцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашәшьа. Ирдыруазарц сҭахуп - ҳара ҳҿаԥхьа, Урыстәыла зегьы аҿаԥхьа урҭ фырхацәоуп.

Президент РФ В. Путин провел совещание по развитию агропромышленного и рыбохозяйственного комплексов - Sputnik Аҧсны
Владимир Путин
Урыстәыла ахада
Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи ари ДЖәР аотриадқәеи хәажәкыра 7 рзы Мариуполь амацәаз иҭаркит, украинатәи аруааи амилаҭеилыхыҩцәеи рҟынтәи арыцқьара иалагеит. Аоперациа ҷыда иахықәкы хаданы ишьоуп Донбасс ахақәиҭтәра.
Ажәабжьқәа зегьы
0