Ҳусура аихшьала ақалақьтә еизара ирыдыркылеит, ибзиан ҳәа ахәшьара аҭан ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа арадиоефир аҿы.
Лара лажәақәа рыла, ашықәс иалагӡаны Аҟәеи Аҟәа араиони руааԥсыра 22 000-ҩык ацхыраара рыҭан, дара зегьы аҳақьымцәа ирхысит, урҭ ирымадан.
"Ииасыз ашықәс уаназхәыцуа, уи шымҩаԥысыз атәы, алҵшәақәа бзиан ҳәа уҳәар ҟалоит. Ацхыраара бзиа ҳаман атәыла анапхгара рҟынтә", - ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа.
Убри аан лара илҳәеит иазԥхьагәаҭаз абиуџьет ишахымсыз. Ицәгьан уи аҽҭагӡара, аха иалыршахеит ҳәа инаҵылшьит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо Ирма Воуԥҳа.
Лара ҷыдала дазааҭгылеит аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аиқәыршәара аус.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.