Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи авиациа Украина аԥшыхәратә радиоелектронтә центр ааха арҭеит

Украина абџьархыхраз урыстәылатәи аоперациа ҷыда мҩаԥысуеит жәабран 24 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 — Sputnik. Урыстәылатәи авиациа ракетала ааха арҭеит Николаевтәи аобласт аҿы Украина аԥшыхәратә радиоелектронтә центр иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Уахыки-ҽнаки рыла ракетала иҭархан: УАМ ари аибашьыга техникеи ргыларҭақәа 48, артиллериатә батареиақәа ҩба, Николаевкеи Берестовое рҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба. Николаевтәи аобласт, аиланхарҭа Днепровское аҿы Украина аԥшыхәратә радиоелектронтә центр ааха аҭан, иҭархан 11-ҩык аруаа, 15-ҩык анџьныр-техникатәии аоперативтәи еилазаара иалан иааз аҳәаанырцә ҟазауаа", - иҳәеит аинрал.

Иара убасгьы иҳәеит Николаевка ишҭархаз азенит-ракетатә комплекс "Оса-АКМ" аҭырҟьагатә шьақәгыла, Харьковтәи аобласт, Чугуево аҿы – ЗРК С-300 арадиолокатор.
Аоператив-тактикатә авиациа иҭанархеит УАМ ари аибашьыга техникеи ргылараҭқәа 49, аминаршәгатә гәыԥқәа ҩба, аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рыҵәахырҭақәа.
Иҭархан амилаҭеилыхыҩцәа 350, 96 ак абџьари аибашьыга техникеи.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Украина аибашьыгатә авиациа рырныҟәагақәа ахьыҭрыжьуаз азауад еилаԥырыххааит