Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР Украинатәи агрессиа иалагежьҭеи 7,5 нызқьҩык ауааԥсыра ҭахахьеит

Донбасс ауааԥсыра Маидан алҵшәақәа аднамкылеит 2014 шықәсазы, уи аахыс аашықәса рыбжьара киевтәи арежим бџьаршьҭыхла ирҿагылоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27– Sputnik. ДЖәР Украинатәи агрессиа иалагежьҭеит 7 550-ҩык ауааԥсыра ҭахахьеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 105-ҩык ахәыҷқәа. Абри аҩыза адыррақәа аалгоит Донецктәи ареспубликаҿ ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Дариа Морозова.
ДЖәР Ахылаԥшреи аиҿкаареи еицырзеиԥшу ацентр адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи шәымш рыҩнуҵаҟа арегион аҟны аҭынчуааԥсыра 125-ҩык ҭахеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ԥшь-ҩык хәыҷқәоуп, 578-ҩык ахәрақәа зоуз рахьынтәи 46-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп.
Урыстәыла Украина абџьархыхразы арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Владимир Путин иара иахықәку киевтәи арежим аҟынтәи Донбасс ауааԥсыра рыхьчароуп ҳәа ахиҳәааит.